Иахьа Аҧсны имҩаҧысит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа алхрақәа
Аҧсуа телехәаҧшра
0:00 / 0:00
Иахьа Аҧсны имҩаҧысит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа алхрақәа
390 просмотров · 8 часов назад
Аҧсуа телехәаҧшра
37 тыс. подписчиков
390 просмотров · 8 часов назад
Ҳтәылаҿы ҩынҩажәи жәаба алхырҭатә ҭыҧқәа еиҿкаан. Дара зегьы ианаамҭаз асааҭ ааба рзы рышәқәа аартын. Алхрақәа еиҿкаан Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Урыстәыла алхратә комиссиа хадеи рыбзоурала. Жәаа шықәса зхыҵхьоу, иааиҧмырҟьаӡакәа Аҧсны инхо, мамзаргьы сасра иааз Урыстәыла атәылауаа, иара убас Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аҧсны ауааҧсыреи адепутатрахь акандидатцәа рзы рыбжьы рҭиир рылшон. Аҧҟарра инақәыршәаны ҩажәа сааҭ рзы алхырҭатә ҭыҧқәа адыркит.Уажәы имҩаҧысуеит абжьқәа рыҧхьаӡара.Амш иалагӡаны ҳҭыхратә гәыҧқәа ҳтәыла еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы аус руан.Ишәыдаагалоит анҵамҭақәа.